Иарбоу ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа 2015 шықәсазы иргылан, уи иаднакылар алшоит 2500 тонн рҟынӡа ашәыри ауҭраҭыхи еизакны. Уи аиҳарак аҽаҩра аҭагалара аамҭазы актуалра аиуоит.
Вараздат Миносиани Беслан Џьопуеи ари ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа анапхгаҩы иԥылеит, еиԥҟьарада аобиект аусура алыршара иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп ақыҭанхамҩа Аминистрра аофициалтә саит аҿы.
Ирылацәажәеит архьшәашәагатә камерақәа реиҭашьақәыргылара азҵаара, иара убас адашьма арҿыцра иадҳәалоу азҵаарақәа. Арҭ аусурақәа ацитрустә шәырқәеи афеихуа ҟалаанӡа ихыркәшахароуп, еиԥҟьарада ауааԥсыра рҟынтәи ашәыр адкылара алыршаразы.