Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 1, 2025 шықәсазы Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы иҟоу адепозитқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 3 млрд. 562,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 6,6% (251,4 млн. мааҭ) рыла еиҵоуп ԥхынгәымза 1, 2024 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар. Уи аилазаараҿы аиҳарак хазхаҭалатәи ахаҿқәа рԥарашьҭаҵақәа рахь иаҵанакуеит – 89,3% (3 млрд. 182,4 млн. мааҭ).
Ауааԥсыра рԥарашьҭаҵақәа рҟынтәи абжа акоммерциатә банк ала иадыԥхьалоуп аҳәынҭқарра 100% рыла акоммерциатә банк –Иаарту Акционертә Еилазаара Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аԥҟаԥҵәатә капитал аҿы алахәхарала.
Ирыҭаз акредитқәа, мамзаргьы иадыԥхьалаз адепозитқәа бжьаратәла рыпроценттә қәҵа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы иазҳаит 1,5 % рыла, убас ала уи 11,5% рҟынӡа инаӡеит.
Хазхаҭалатәи ахаҿқәа Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы рԥарашьҭаҵақәа рҟынтәи ироуз апроценттә хашәала 2025 шықәса актәи азыбжазы 214,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.