Print this page
29.Нанҳәа.2025

Аԥсны актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа зегьы ҳамҭас ашәырақәа роуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, сынтәа раԥхьаӡа акәны аҵара Аминистрра атәыла иахьаҵанакуа актәи акласс ахь зшьапы еихызго ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа еиқәнаршәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.

«Арҭ ашәҟәыҭрақәа цәыббрамза 1 азы раԥхьаӡа ашкол ахь зшьапы еихызго аҵаҩы изы ихәарҭоу амаҭәахәқәа зегьы рыла еиқәыршәахоит», - ҳәа илҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба.

Ашәырақәа ареспублика ашколқәа зегьы рахь идәықәҵоуп, урҭ раԥхьаӡа ашколтә партақәа ирхатәараны иҟоу аҵаҩцәа ирзыԥшуп. Аҳамҭақәа ахәыҷқәа ирыҭахоит — Адырра амш аҽны.

 

 


Read 217 times