Print this page
29.Нанҳәа.2025

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара амш аҳаҭыраз Мықәтәи ауахәамаҿы имҩаԥгаз анцәаимҵаныҳәара далахәын.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара амш аҳаҭыраз Очамчыра араион Мықә ақыҭан иҟоу ауахәамаҿы имҩаԥгаз анцәаимҵаныҳәара далахәын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Анцәаимҵаныҳәара византиатәи атрадициала аԥсышәала ашәаҳәара ацын, уи наигӡон Афонҿыцтәи аберҭыԥ аиеродикәан Давид (Сарсаниа).

Анцәахаҵаратә  литургиа ахыркәшамҭаз ауахәама аныхачаԥақәа кны ауахәама иаакәыршаны аџьартә ныҟәара мҩаԥган, уи ашьҭахь аҭыԥԥшьаныҟәаҩцәеи асасцәеи Бадра (Боиан) Делба зхадараҿы дыҟоу ауахәама ахылаԥшыҩцәа рыла еиҿкааз аныҳәатә крыфарахь иааԥхьан.

 


Read 192 times