Араион Ахадара ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа, аӡы аҩаӡара лаҟәаанӡа изеиԥшразаалак ақыҭанхамҩатәии егьырҭ аусурақәеи, арахә рырҳәреи мап ацәыркырц.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақәоурақәеи Егры аӡиаси уи аӡымахәқәеи рҿы аӡы аҩаӡара акыр ашьҭыҵреи инарымаданы, Гал араион Ахадара ауааԥсыра аӡиас азааигәара имнеирц, агәҽанызаара аадырԥшларц азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Гал араион аҳәаа иаԥну аиланхарҭатә ҭыԥқәа рҿы Егры аӡиас азааигәара иҟоу ахархәаратә аарыхырҭақәеи арахәҳәырҭақәеи ақәаарыхырҭақәеи ахьырацәоу инамаданы, аӡхыҵра иахҟьаны адгьылҳәазареи аҿыбгареи ҟалар алшоит. Уи аҭыԥантәи ауааԥсыреи арахәи рзы хымԥада ашәарҭара ацуп.
Араион Ахадара ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа, аӡы аҩаӡара лаҟәаанӡа изеиԥшразаалак ақыҭанхамҩатәии егьырҭ аусурақәеи, арахә рырҳәреи мап ацәыркырц.