Print this page
07.Жьҭаара.2022

ЕДУАРД БЫҬӘБА АРЕСПУБЛИКАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АУСУРА ГӘЕИҬЕИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит.

Аҵыхәтәантәи амызқәа ирылагӡаны ари амедицинатә усбарҭа аҿы агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны, иара убас ахатәы мчқәеи рыла имаҷымкәа аиҭашьақәыргыларатә усурақә мҩаԥган, иҿыцу аиқәыршәагақәа аахәан, аштат аиҵатәра, уҳәа алыршахеит.

Аганаҿы иаанхаӡом амеценатцәагьы. Иаагозар, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Абаза Регион Строй» иҟанаҵаз агәыҳалалратә цхыраара иабзоураны ахәышәтәырҭа адкыларҭатә ҟәша аԥхьа ҿыц акаҭран шьҭаҵахеит.  

Ахәышәтәырҭа агәаҭараан, иҿыцны иҟаҵоуи аиҭакраеқәеи ртәы аминистр изеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо  Ерик Ҳаҭхәа.


Read 332 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 23:33