Print this page
сегодня 21:46

Алхас Кәыҵниа: «Жәибжь шықәса раԥхьа Урыстәылеи Аԥсни наунагӡа аиҩызареи аиашьареи рыла рлахьынҵақәа еидырҵеит».

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациала Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара амш 17-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә ҳәамҭа ҟаиҵеит.

***                                      

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит иҷыдоу арыцхә — Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ихьыԥшым, исуверенттәу аҳәынҭқарра аҳасабала ианазханаҵа амш 17-шықәса ахыҵра амш. Ари ахҭыс Аԥсни Урыстәылеи рҭоурых адагьы аҭоурыхтә иашара акт аҳасабала жәларбжьаратәи аилазаара зегьы рҭоурых ианылеит.

Нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведев Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымрақәеи рсуверенитети шазханаҵо азы Аусԥҟақәа инапы раҵаиҩит.  Иара аҽныҵәҟьа аофициалла аҳәамҭа ҟаиҵеит. Уаҟа уи иазгәеиҭеит: «Ауаԥс жәлари аԥсуа жәлари рхы иақәиҭны рҿы иадырҳәаз агәаҳәара ҳасаб азуны, Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара Аԥҟаԥҵәа аԥҟарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо жәларбжьаратәи азин апринципқәа ирызку 1970 шықәсазтәи адекларациеи, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи ирызку аилацәажәара 1975 шықәсазтәи Хельсинктәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭанкылатәу жәларбжьаратәи адокументқәеи инарықәыршәаны – сара снапы рыҵазҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымрақәа шазханаҵо азы Аусԥҟақәа».

Нанҳәамза 26 рзы иҟалаз ахҭысқәа адунеи зегьы лабҿаба иднарбеит аиашара еснагь аԥхьа ишгылоу. Уи амш агәырӷьареи агәыӷреи рыла игәылҭәаахеит, уи наунагӡа ҳажәлар ргәалашәараҿы ныҳәа дуны иаанхоит.   

Дмитри Медведев иааԥхьара Урыстәылатәи афедералтә каналқәа рыла ианырышьҭ аамышьҭахь, Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иеизо иалагеит, абраҟа игылоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иблыз уаанӡатәи Аиҳабра рыҩны аҿаԥхьа. Сааҭқәак рыла ашҭа уаала иҭәит, жәанызқьҩыла ҳауаажәлар ааит арахь Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтә. Ажәлар ргәырӷьара ҳәаак амамызт, икәашон, ишәаҳәон, игәыдеибакылон, акыраамҭа жәлары зегь ззыԥшыз ҳтәыла ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш еидырныҳәалон. Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит усҟан Аԥсны ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь, иара убас атәыла аиҳабыра, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аԥсны ахы иақәиҭызтәуаз. Ашҭаҿы ныҳәаран. Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит усҟан Аԥсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь, иара убас атәыла аиҳабыра, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аԥсны ахы иақәиҭызтәуаз. Ашҭаҿы ныҳәаран. Сергеи Багаԥшь еизаз ажлар дрыдныҳәало ари амш атәылеи ажәлари рыԥсҭазаараҿы аҭоурыхтә ҵак ду змоу мшны иаанхоит ҳәа иҳәеит.

Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иадҳәалаз аполитикатә акт ареспублика астатус ихьыԥшым иазхаҵоу аҳәынҭқарра аҩаӡара аҟынӡа ишьҭнахит. Анаҩс иалагеит аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара. Цәыббрамза 9, 2008 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы алаҳәара ҟарҵеит, цәыббрамза 14 рзы аофициалтә визит ала Аҟәаҟа дааит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Виктор-иԥа Лавров.  

Сергеи Лавров Аԥсныҟа иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аԥҵара азҵаара аӡбара алыршахеит.

Цәыббрамза 17, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҵакыраҿы урыстәылатәи арратә база аҟазааразы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчаразы Аиқәшаҳаҭра, иара убасгьы аҳәынҭқаррабжьаратәии аиҳабырабжьаратәии адокументқәа жәпакы рнапаҵыҩра мҩаԥысит.

Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь  инақәырццакны егьырҭ атәылақәа рыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵарақәа ҟалеит. Убас, цәыббрамза 5, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҩбатәи тәыланы иҟалеит Ареспублика Никарагуа. Шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 10, 2009 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аофициалла иазханаҵеит Боливарианттәи Ареспублика Венесуела, ԥхынҷкәынмза 15, 2009 шықәсазы  – Ареспублика Науру, лаҵарамза 23, 2011 шықәсазы  – Ареспублика Вануату, цәыббрамза 18, 2011 шықәса рзы  – Ареспублика Тувалу, лаҵарамза 29, 2018 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәылатә Арабтәи Ареспублика.  

Аԥсны ахьыԥшымра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу атәылақәа быжьба рыла азхаҵара мивмоу аҵакы ахә ашьара уадаҩуп.

Аҳәынҭқарра дуӡӡа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадара Ахеилак есымшатәи алахәыла  – Урыстәыла аганахьала, иара убас егьырҭ атәылақәа рыла Аԥсны адипломатиатә азхаҵара Қырҭтәылеи уи анҭыҵгьы аӡәырҩы идеилнаркааит Аԥсны ихьыԥшым аҿиарамҩа ишанылаз, уи ҩаԥхьа Қырҭтәыла аҵаҟа иҟалоит ҳәа иҟоу агәыӷрақәеи агәазыҳәарақәеи шҵаҵӷәыдоу, уи аҩыза ҟалашьа  шамам. Аԥсны аҳәынҭқарразаара изакәануп, иӷәӷәоуп, уаанӡа иҟаз аҭагылазаашьа ахь хнырҳәышьа амам.

Усҟантәи илахьынҵаӡбагаз амш аахыс иҵит жәибжь шықәса. Арҭ ашықәсақәа Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҳасабала аҿиареи ашьақәгылареи Урыстәылеи иареи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәырӷәӷәареи ираамҭаны иҟалеит. Ҳара ашәарҭадара, аекономика, агуманитартәи акультуратәи аимадарақәа русхкқәа рҿы иҭышәынтәалоу аусеицура амеханизмқәа еицышьақәҳаргылеит. Аҵарадырра, агәабзиарахьчара, акультура, уҳәа аусхкқәа рҿы еицынаҳагӡо апроектқәа  ҳажәларқәа еиҳагьы еизааигәанатәуеит. Ареспублика Аԥсны, ахәҭакахьала, Урыстәылатәи Афедерациа азы узықәгәыӷыр  алшо партниорны иаанхоит, ҳаамҭа ицәырнаго  ауадаҩрақәа зегьы рҿы иалшо ала адгылара ҟанаҵоит.

Аныҳәа ҳаналацәажәо, иазгәоумҭар залшом ари ахьыԥшымра иахҭну. Аԥсны ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит зықьҩыла Аԥсны иреиӷьыз аҵеицәа, аԥҳацәа, Урыстәыла – Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Алада Урыстәыла, Москва, Санкт-Петербург, уҳәа егьырҭ арегионқәа  рҟынтәи хатәгәаԥхарауаа. Урҭ рфырхаҵара ҳаамҭазтәи ҳҳәынҭқарра иашьагәыҭны иҟалеит.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Нанҳәамза 26 аиашара аиааира иамшны наунагӡа аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Жәибжь шықәса раԥхьа Урыстәылеи Аԥсни наунагӡа аиҩызареи аиашьареи рыла  рлахьынҵақәа еидырҵеит.

Иахьа ари акыр зҵазкуа аныҳәа шәыдныҳәало ҳаԥхьаҟа иҿыцу аихьӡарақәа, ахьыԥшымреи аизҳазыӷьареи рырӷәӷәара ахь иҿыцу ашьаҿақәа шаҳзыԥшу азы агәрагара шсымоу азгәасҭарц сҭахуп. Урыстәылеи Аԥсни реидгыларатә еизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәалоит, ҳажәларқәа реиҩызара акәзар – есааира иҿиалоит, аҽарҭбаалоит».

 

 

 

 


Read 25 times