Print this page
07.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ. АБХ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7,  2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 70- шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст иаҳәоит: 

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә ишәыдысныҳәалоит шәира Амш. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аизҳазыӷьареи ахирреи! 

Ари аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә интересқәа рыхьара аус аҿы Шәара иаашәырԥшуа ахьаҳәхьачарада, аполитикатә ахарахәыцра,  иԥышәоу, иуадаҩу аӡбамҭақәа рыдкыларала урыстәылатәи ажәлар рыхьчара, иҭышәынтәалоу атәыла аҿиара алыршахоит. Еилаҵәоу, милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар Шәара шәнапхгарала аглобалтә қәыӷәӷәарақәеи ашәарҭарақәеи рҿагылара рылшоит.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, Шәара акыр ахыԥша ду змоу ҳаамҭазтәи аполитикцәа шәреиуоуп, шәыуаажәлар адгылара шәырҭоит. Шәара шәыхьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп Урыстәыла аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа, уи адунеи аҿы ииашоу аԥсҭазаара аиҿкаашьа иадгыло  жәларбжьаратәи арена аҿы иӷәӷәаӡоу аҳәынҭқаррақәа иреиуоу аҳәынҭқарра  ахьӡ-аԥша.

Ҳреспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу лыҵшәабзиала аҿиара иаҿу ганрацәалатәи аусеицуреи астратегиатә еиҩызареи акыр пату ақәырҵоит. Уи хаҭала Шәара шәлагала ду алоуп.

Сара агәра згоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аимабзиаратә аизыҟазаашьақәа, лыҵшәабзиала аҿиара иаҿу ганрацәалатәи аусеицура ҳажәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала иҟаҵахо аԥхьаҟатәи ршьаҿақәа аилибакаареи аҳәынҭқаррабжьаратә диалоги есааира рыҩаӡара ашьҭыхра ишазкхо.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, акрызҵазкуа абри амш аҽны Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара».

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА А. БЖЬАНИА.


Read 327 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 23:26