Print this page
сегодня 20:05

Дмитри Медведев Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Дмитри Медведев Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит

Урыстәыла ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

Аиашьаратә тәыла асуверенитети ашәарҭадара алыршараҟны ацхыраара аҭареи рзы Урыстәыла иаднакылаз азыӡба ала ареспубликаҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵан. 

Иахьа Аԥсны қәҿиарала аҳәынҭқарра аргыларазы зымҽхак ҭбаау ауснагӡатәқәа рыӡбара, аицлаблшара змоу  жәлар рынхамҩа аԥҵара, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара иаҿуп. Аидгылареи астратегиатә усеицуреи рырпринципқәа инарықәыршәаны, урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭақәа зегьы рырӷәӷәара, Ареспублика асоциал-економикатә ҿиара ацхраара иацаҳҵоит.

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа, шәыуаажәлар зегьы — анасыԥ, аизҳазыӷьара».

 


Read 31 times