Print this page
вчера 2:17

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥснытәи аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба диԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥснытәи аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба ааигәа иоуз аихьӡарақәа идиныҳәаларц диԥылеит. Уи Нестор Цужба Австриеи Лиуксембурги имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы иигаз аиааирақәа идиныҳәалеит. Иара уаҟа аӡәаӡәалатәи аразриади ҩыџьа-ҩыџьалатәи аразриади рҿы чемпион наӡас дҟалеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Бадра Гәынба Нестор Цужба дышизгәдуу иҳәеит. Иара жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны апопулиаризациа азы аспорт инанагӡо ароль аҵакы ахадара азгәеиҭеит, аспортсмен қәыԥш иԥсадгьыл қәҿиарала ахаҭарнакра ахьазиуз азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

«Ҳаҭыр зқәу Нестор, даара сеигәырӷьоит убара. Ҳара ҳгәы хыҭхыҭуа уеиндаҭларақәа ахшыҩзышьҭра аҭаны ҳрыцклаԥшуан – аиашазы, уара уеиҵамхаӡеит, уԥсадгьыл қәҿиарала ахаҭарнакра ууит. Уара макьаназы зынӡа ушқәыԥшугьы, аспорттә дунеи аҿы акыр зыхьӡ наҩхьоу, атитулқәа рацәаны измоу, аперспективра злоу рԥысуп. Аспорти акультуреи – ари Аԥсны атәылауаа, уара уеиԥш иқәыԥшугьы, жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа рҿы ҳтәыла иахәҭоу аҩаӡараҿы аӡыргара рылзыршо  ахырхарҭақәа роуп. Иҭабуп иулуршаз азы… Аринахысгьы иузеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи, иудыруазар сҭахуп, аҳәынҭқарра уара уеиԥш иҟоу аҟыбаҩ злоу аҿар есымша адгылара шрынаҭало», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

Нестор Цужба Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит иқәгыларақәеи иазыҟаҵарақәеи шымҩаԥысуаз атәы. Уи аматчқәа зегьы хазы-хазы аҽазыҟаҵара ӷәӷәа, иара убас иҿыцу атактикатә ӡбамҭақәа рыԥшаара рҭахуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аиааиразы маха-шьахала аҽазыҟаҵара адагьы ишахәҭоу ала аус зыдулоу атактикагьы аҭахуп, иара уигьы есымша ирҿыцлатәуп ҳәа иҳәеит Нестор Цужба.

Аспортсмен қәыԥш Аҳәынҭқарра Ахада ҳамҭас ииҭеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аспортсмен, еицырдыруа урыстәылатәи аспортсменцәа аӡәырҩы еиҵазааӡахьоу Борис Собкин инапы зҵаҩу ашәҟәы.

Аԥкьаҭмпыласҩы иаб Давид Цужба Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит уи иҟаиҵаз адыгларазы.

«Бадра Зураб-иԥа, шәара шәыцхыраарада акагьы залыршахомызт. Иҭабуп идуӡӡаны ҳхы ааҳарԥшыртә еиԥш алшара ахьҳашәҭаз. Уи акыр иаԥсоуп. Нестор Урыстәыла еизгоу акомандазы дшыхәмаруагьы, уи дшаԥсыуоу зегьы ирдыруеит.  Убри азы ҳара ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы иахәҭоу аҩаӡараҿы ақәгылара алшоит ҳәа. Ас еиԥш адгылареи ацхыраареи даараӡа иуныруеит, акыр ҳабжьазаргьы, уи ҳара даараӡа пату ақәаҳҵоит. Аӡәырҩы ҳара ҳтәылаҿы аҟыбаҩ злоу аҿар ацхыраареи адгылареи шрырҭо азгәарҭоит, уи ахәшьара бзиа арҭоит», — ҳәа иҳәеит иара.

Бадра Гәынба аԥқьаҭымпыласҩы Владислав Арӡынба ихаҿсахьа зну агәаларшәагатә аԥсар ҳамҭас ииҭеит, ԥхьаҟагьы Аԥсны абираҟ даҵагыланы дықәгылалап ҳәа агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.

«Ари аҳамҳа есымша иугәаланаршәалааит уԥсадгьыли ҳамҭазтәи аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ахыҵхырҭаҿы игылаз ауааи», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Нестор Цужба асериа Tennis Europe аҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа ҩба  рҿы аӡәаӡәалатәи аразриади ҩыџьа-ҩыџьалатәи аразриади рҿы чемпион наӡас дҟалеит. Вена ақалақь аҿы (Австрия) имҩаԥысуаз атурнир Zukunftstiften junior open 2025 powered by vion & WTV аҿы Нестор 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа арԥарцәа рыбжьара аиааира игеит. Лиуксембург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  атурнир Mosel Cup U12 by IMMO Capital Group аҿы Нестор убасҵәҟьа аиааира игеит. Аӡәаӡәалатәи аразриад афинал аҿы иара дииааит Германииа ачемпион Себастиан Шерер, ҩыџьа-ҩыџьалатәи аразриад аҿы Бельгиатәи аспортсмен Нои Гоберти иареи испаниа-францызтәи адует ириааит.

Нестор Цужба 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа еидызкыло Урыстәыла еизгоу акоманда далахәуп, Москватәи аклуб «Спартак» аҿы Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Александр Злотоустови аспорт азҟаза Анастасиа Мыскинеи рнапхгарала иҽазыҟаиҵоит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 76 times