Print this page
21.Нанҳәа.2025

Аҟәатәи абааш ахь абилеҭқәа рыхәқәа шьақәырӷәӷәоуп

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы ажәҩан аҵаҟа иҟоу Аҟәатәи абааш ахь абилеҭқәа рыхәқәа шьақәдырӷәӷәеит.

Аҳәынҭқарратә аҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра «Аҟәатәи абааш» аҭаара ҳәаақәҵахоит абарҭ ахәԥсақәа рыла:

Аԥсны атәылауааи  12 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәеи рзы аҭалара  хәыда-ԥсадоуп.

Адуцәа рзы - 200 мааҭ,

1941–1945шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи, иара убас 1992–1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи – хәыда-ԥсада.

Ԥхынгәымза 30 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иаадыртит ажәҩан аҵаҟатәи амузеи «Аҟәатәи абааш».

 


Read 305 times - Ахәаша, 22 Нанҳәа 2025 17:43