Аҭаара ареспублика азы акыр зҵазкуа арыцхәқәа рзы иҟалеит: нанзәамза 14 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага амш 33 шықәса ахыҵра, нанҳәамза 15 рзы хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәарҭоит.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аԥсны Амилаҭтә олимпиатә Комитет апрезидент Валери Аршба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апроректор Роман Ӷәынџьиа, иара убас ауаажәларра рхаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысит. Ирылацәажәеит аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара, азакәанԥҵарақәа реишьашәалара, зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу ауааԥсыра рыхьчара, аҿартә политика ахырхарҭала хра злоу апроектқәа реицынагӡара, уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
Анастасиа Удальцова иара убас даҭааит ааигәа иаадыртыз Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа — ари акультуратә центр аусура алагара ажьырныҳәамза 2024 шықәсазы иҟалаз атрагедиа, Амилаҭтә галереиа афондқәа реиҳарак ахьалаблыз абылра ашьҭахь аԥсуа ҿыханҵа аҿиараҿы иҿыцу аетап хацнаркуеит.