Ари афырхаҵара амчратә структурақәа рыпрофессионализми ииашоу акоординациеи рҿырԥшы аҳасабала аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.
«Агәыԥқәа «Альфа», «Витязь» аруаа рфырхаҵара 35-шықәса шахыҵхьоугьы, уи иахьагьы ауаажәларра ршәарҭадара аиҿкааразы апрофессионализми афырхаҵареи агәымшәареи инарыгӡо ароль дуӡӡа ҳгәаларшәо агәазҭазаара ҳанаҭоит. Аҟәатәи Аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы усҟан имҩаԥгаз аоперациа аҭҟәацәа рыԥсҭазаара аиқәырхара адагьы, аҷыдалкаатә зкызаара змоу аҟәшеиҵақәа рыруаа ракзаара еиҳагьы иарӷәӷәеит.
Аделегациа ахадараҿы дыҟоуп амаҵзура аветеран Сергеи Иван-иԥа Лысиук. Уи аҷыдалкаатә зкызаара змоу агәыԥ «Витязь» адҵаҟаҵаҩыс дыҟан, ажәыларатә гәыԥ напхгара аиҭон.
Иара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥылара аиҿкааразы. Уи усҟантәи аоперациа иалахәыз ргәалашәара традицианы ишышьақәгылаз атәы еиҭеиҳәеит.
___
Нанҳәамза 15, 1990 шықәса рзы асоветтә мчратә структурақәа рыруаа Аҟәа ақалақь Аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы иҟалаз абаандаҩцәа рықәгылара рыхәаҽра рылшеит. Агәыԥ «Альфеи» Асовет Еидгыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҷыдалкаатә зкызаара змоу аҟәшеи ажәыларатә операциа еицынарыгӡеит. Урҭ аамҭак ала ацәгьоурақәа аԥшьызгаз бналаны излацарц ргәы иҭаз автобус маҷи егьырҭ ахьтәаз Аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахыбрагьы рахь ижәылеит. Абанда аиҳабацәа иара уааҵәҟьа иршьит. Иарбоу аоперациа аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьақәа раан аҷыдалкаатә зкызаара змоу агәыԥқәа руалԥшьа иҿыԥшыгоу анагӡашьаны иԥхьаӡоуп.
Нанҳәамза 11, 1990 шықәса рзы Аҟәа ақалақь иҟоу аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа быжьҩык абаандаҩцәа хҩык акануеицәа ҭҟәаны иргеит, анаҩс урҭ абахҭа анапхгараҭара аганахьала адҵақәа ықәдыргыло иалагеит. Абунт анапхгаҩ хадацәас иҟан ауаҩшьрақәа рзы ашьра зықәҵаз Павел Прунчаки Мирон Ӡиӡариеи.