Print this page
06.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АХАДА ГАГРА АРАИОН АХАҚӘИҬТӘРА АМШ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион Ахақәиҭтәра амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа  рыҟнытә ахы ақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 30 шықәса аҵра амш.

Хшыҩзышьҭра ду аҭаны, қәҿиарала имҩаԥгаз Гагратәи ажәыларатә операциа акырӡа зҵазкуа ак акәны иҟалеит ақырҭуа қәылаҩцәа риааира аагараҟны. Зегьы аӡәк еиԥш реидгылара, аибашьцәа ргәымшәара иасимволны иҟоу, ари ахҭыс ҳажәлар рзы аибашьратә-политикатә еиԥш, алеишәатә ҵак дугьы аман аӷа иҿагылараҟны Аиааира агаразы ирымаз агәрагара арӷәӷәаразы.

Иахьа гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳаибашьцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи ртәы, рыхьӡ кашәара ақәым ҳаԥсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа.

Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Шәара зегьы хаҭа-хаҭала ишәыбзоураны Аԥсны жәлар иахьа ҭынч инхоит-инҵуеит зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарраҟны!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит ари амш, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара!

 

 


Read 328 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:50