Адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны аминистрцәа Реилазаара аҿы ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа ироуа аԥаратә цхыраагӡақәа рышьҭахра азԥхьагәаҭоуп.
Аминистр иҟаиҵаз адырра инақәыршәаны, аԥаратә цхыраагӡа зауа ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла 4500 рҟынтәи 5 500 рҟынӡа иазҳаит.
Ԥхынгәымза 1, 2025 шықәса инаркны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра атәанчахәи егьырҭ асоциалтә шәатәқәа змауа, хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ахь ацҵақәа шьҭыҵит.
Нанҳәамза 1, 2025 шықәса инаркны 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи, Асовет ар аинвалидцәа, Афганистан имҩаԥысуаз аибашьра аинвалидцәа, Афганистан иҭахаз рҭаацәа, Чернобыльтәи Атамтә Фымцатә Станциа аҿы иҟалаз авариа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иалахәыз ироуа ашәатәқәа шьҭыхуп.