Print this page
05.Жьҭаара.2022

АПАРТИА «АИҬАИРА» АРЕСПУБЛИКА АҴАРАДЫРРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА АРҴАҨЫ ИМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ИРЫДНЫҲӘАЛОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» ареспублика аҵарадырратә усбарҭақәа русзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа Арҵаҩы Имш инамаданы ирыдныҳәалоит.

«Аамҭа есааира аҵарадырра аусхкы аҿы иҿыцу аԥҟарақәеи ахыдҵақәеи ықәнаргылоит. Иахьагьы, уажәаԥхьа еиԥшҵәҟьа аҵарадырратә процесс аҿы аихьӡарақәа зыдҳәалоу зегьы раԥхьаӡа иргыланы арҵаҩы изанааҭдырра аҩаӡареи иаамсҭашәареи, уи ламысцқьала иус азнеиреи роуп. Зыҩаӡара ҳараку арҵаҩратә ҟазара, аҵаҩцәа зегьы рызнеишьа алыршара ауп еиҵагыло аҿар рхаҭара ашьақәгылара, рдунеихәаԥшра аҳәаақәҵара иацхраауа. Ҳара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҟоу ауадаҩрақәа зегьы шәыриааины Шәара иаашәырԥшуа аамсҭашәареи агәыбылреи, аиҷаҳареи аҭакԥхықәреи азанааҭдырреи рзы. 

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, амч-алша дууи агәазҭазаареи!», - ҳәа иаҳәоит апартиа ахантәаҩы, Апарламент адепутат Леонид Лакербаиа иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҟны.


Read 280 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:40