Print this page
15.Нанҳәа.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала иира Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа ааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Бадра Гәынба иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Шәира Амш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи.

Ааԥынразы Москва имҩаԥысыз ҳаиԥыларақәа Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа шрымоу шьақәдырӷәӷәеит. Жәаҳәарада, ҳара аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәа рзы еицаҳзеиԥшу аконструктивтә усура ҳҿаԥхьа иқәҳаргылоит – ҳажәларқәа рзы, арегионтә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рыхьчаразы», — ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҿы.

Бадра Гәынба иара убас иира Амш инамаданы идныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ анапхгаҩцәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, аԥыза-министр Михаил Мишустин, Афедерациа Ахеилак Аиҳабы Валентина Матвиенко, Адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура адиректор Сергеи Нарышкин, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Санкт-Петербург, Псковтәи аобласт, Башкортосҭан, уҳәа Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ асубиектқәа афедералтә хылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәа.

Аԥснытәи иколлега дидныҳәалеит иара убас Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев. Бадра Гәанба дидныҳәалеит Никарагәуа Ахада Даниэль Ортега. 

Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ихыҵит 44 шықәса.

Уаанӡа Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа аинформациатә хархәагақәа ирзеиҭеиҳәахьан, аҳәынҭқарра ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны иираамш азгәеиҭом ҳәа.

Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа адныҳәаларатә шәҟәқәагьы ркьыԥхьуамызт.

 


Read 91 times