Амш иалагӡаны Ахаҭарнакра ахь инеиуан Аԥсны иаҭаахьоу, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы уи иазыҟалаз аамҭа уадаҩ атәы ибзианы издыруа Тирасполь инхо ауааԥсыра.
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку атематикатә баннерқәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Приднестровиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рдипломатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә маҵурауаа, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Аофиациалтә хаҭарнакра аҩныҵҟа аекран ду аҿы 33-шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа рзы афото-видеоматериалқәа рырбара еиҿкаахеит.