Print this page
14.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынба Азакәанԥҵаратә Еизара ахантәаҩы Александр Бельски зхадараҿы дыҟоу Санкт-Петербург аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Азакәанԥҵаратә Еизара ахантәаҩы Алеқсандр Бельски зхадараҿы дыҟоу Санкт-Петербург аделегациа идикылеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит урҭ Аԥсны рҭаара Ахьӡ-Аԥша Амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иахьалагаз азы.

«Иахьатәи амш ҳара ҳзы афырхацәа ргәалашәара иазкуп. Ҳара иахьа Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Афырхацәа ҳгәалаҳаршәоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Шәара ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла иахьышәгәалашәыршәаз азы», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Аиԥылараҿы аганқәа Аԥсни Санкт-Петербурги русеицура иамоу аперспективақәа ирылацәажәеит.


Read 122 times