Print this page
05.Жьҭаара.2022

БЕСЛАН ЕШБЕИ АВҬАНДИЛ СУРМАНИӠЕИ ГРОЗНЫИ АҚАЛАҚЬ АМШ АЗГӘАҬАРА РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Грозныи ақалақь ахадара иҟарҵаз ааԥхьарала Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманидзе Чечентәыла аҳҭны-қалақь 204 шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь аделегациа ашәҭқәа шьҭарҵеит Чечентәыла актәи ахада, Урыстәыла Афырхаҵа Ахмат-Хаджи Кадыров ибаҟа аҿаԥхьа.

Аныҳәа Урыстәыла 20 қалақь рҟынтәи аделегациақәа алахуп. Асасцәа рзы амемориалтә комплекс иаҵанакуа амузеи аҿы аекскурсиа еиҿыркааит.

Иахьа имҩаԥгахоит аныҳәха иалахәыз аделегациақәа рзы Грозныи ахада Хас-Магомед Кадыров иофициалтә дкылара, иара убас аныҳәатә концерт. .

 

 


Read 286 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:18