Print this page
06.Нанҳәа.2025

Аҟәа 500 цыра агәамсамҭра ҿыцқәа шьақәдыргылараны иҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара ажәытә гәамсамҭрақәа иҿыцу рыла аԥсахра иаҿуп, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.

Уажәазы иҟаҵаны ишьақәдыргылахьеит хынҩажәижәаба инарзынаԥшуа 60 литра зҭаӡо агәамсамҭра ҿыцқәа. Урҭ еиҳа ауаа ахьырацәоу амҩақәа рҿы ишьақәдыргылахьеит.

«Ақалақь ахадара реиԥш, аҳҭнықалақь иаланхо рзгьы акыр аҵанакуеит ацқьареи аиҿкаареи. Ҳара маҷ-маҷ ҳхықәкы ҳазнеиуеит. Акоммуналтә маҵзурақәа рпарк ҳарҿыцуеит, арыцқьаратә метод ҿыцқәа ԥаҳшәоит, уажәы агәамсамҭрақәа рырҿыцра ҳалагеит», — ҳәа азгәаҭоуп адырраҿы.

Агәамсамҭрақәа рдизаин аҭыԥантәи архитекторцәа аус адыруылеит, дара Аԥсны иҟаҵоуп. 

 

 


Read 254 times