Print this page
31.Ԥхынгәы.2025

Акомменциатә банкқәа рыкредиттә ҭакԥхықәрақәа анынарыгӡалак ашьҭахь ирымхыз рлицензиақәа рырхынҳәра рылшоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Апарламент адепутатцәа акредиттә еиҿкаарақәа рбанкротразы азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Акредиттә еиҿкаарақәа рбанкротразы» азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Азакәан апроект абанкқәа ршәаратә лшарақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аиҿкаара иазкуп.

Адепутат Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, уажәазы Аԥсны иҟоу абанкқәа ԥшьба: «Леон банк», «ИнвестБанк», абанк «Престиж», «Афинанс-инвестициатә банк» алицензиақәа рымхуп. Урҭ руал ааидкыланы — 152,2 миллион мааҭ ыҟоуп.

Азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь, иарбоу абанкқәа ирымхыз рлицензиақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2026 шықәса анҵәамҭанӡа рырхынҳәра рылшоит.

 


Read 112 times