Амузеи аконцепциа иалагалоуп аҭҵаара-дырратә еиԥш, аекскурсиа-туристтә усура ахырхарҭақәа. Шықәсыки бжаки рыҩныҵҟа иарбоу аҵакыра аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа актәи аетап мҩаԥысуан – ашьаҟамҩақәа ҟаҵан, арымӡқәеи арлашагақәеи аинформациатә дырранҵақәеи, иара убас ажрақәа ахьымҩаԥысуа алашара ақәырԥхагақәеи шьақәыргылан, аекскурсиатә маршрутқәа аус рыдуланы еиқәыршәан.