Print this page
31.Ԥхынгәы.2025

Марат Аҩӡба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа еицҿакны  Марат Аҩӡба  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далырхит.

Аҩӡба Марат Заур-иԥа, 1982 шықәса рзы диит.  

2007 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет.  

Ԥхынҷкәынмза 1, 2003 шықәса рзы Гал араион апрокуратура аусеилыргаҩы истажиорс дҟарҵеит.  

Ԥхынҷкәынмза 15, 2004 шықәса рзы Гал араион апрокурорс дҟарҵеит.

Мшаԥымза 19, 2006 шықәсазы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаҩ еиҳабыс дҟарҵеит.  

Жьҭаарамза 27, 2008 шықәса рзы Апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа иҷыдоу аҵакы змоу аусқәа рзы аусеилыргаҩыс дҟарҵеит.

Мшаԥымза 23, 2009 шықәса рзы Аҟәа араион апрокурорс дҟарҵеит.

Ажьырныҳәамза 28, 2015 шықәса рзы хаҭала иалеиҵаз арзаҳал инақәыршәаны имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын.

Жәабранмза, 2016 шықәса инаркны Апрокуратура Хада азини акоррупциа аҿагылара азы азакәанԥҵара анагӡареи рхылаԥшра азы Аусбарҭа апрокурор еиҳабыс дҟарҵеит.

Ԥхынгәымза 5, 2017 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхын.  

Хәажәкырамза 6, 2018 шықәса рзы Аԥсны аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа аӡбамҭала ианашьахеит ахәбатәи аквалификациатә класс.  

Рашәаамза 5, 2020 шықәса рзы Аԥсны аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа аӡбамҭала ианашьахеит аԥшьбатәи аквалификациатә класс.   

Рашәарамза 19, 2023 шықәса рзы Аҩӡба Марат Заур-иԥа Аԥсны аӡбаҩцәа Рыквалификациатә коллегиа аӡбамҭала ианашьахеит ахԥаитәи аквалификациатә класс. 


Read 162 times