«Аҟәатәи амшынтә баӷәаза аҿы алашара-музыкатә фонтан аартра аламҭалазы урыстәылатәи афонд «Добрые технологии» аконцерт еиҿнакаауеит. Уи азы ишьақәыргылахоит зыҩӡара ҳараку алашареи абжьи рыла еиқәыршәоу асцена», – ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
Агастрофестиваль аплошьадка аҿы ишьақәыргылахоит афудкорт ҳәа изышьҭоу афатәқәа ргьама абара азы иазоужьу аҭыԥқәеи ацәыргақәҵа-хәаахәҭратә стендқәеи.
Аҽны имҩаԥгахоит еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабрагьы уахь иналаҵаны.
«Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны абыжь раионк, урҭ аҭааҩцәа ирыдыргалоит дара иҭрыжьыз рыфатә аалыҵқәа, араион аҿы иҭрыжьуа, иаадрыхуа еиуеиԥшым аалыҵқәа. Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ – аҳаԥшьаӡратәи ажьаҳәа иаҵхәуи аалыҵқәа, уҳәа убас ирацәаны, – ҳәа иҳәеит Константин Ҭарба.