Print this page
29.Ԥхынгәы.2025

Аԥснынтәи 12-ҩык аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа IV Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснынтәи 12-ҩык аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа  IV Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәраны иҟоуп.

Афорум мҩаԥыслоит нанҳәамза 21 – 23 рзы. Акультура Аминистрра аспециалист  Хада Милана Хоџьаа ишазгәалҭаз ала,  аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа Урыстәылаҟа ицоит ахылаԥшырҭа ахаҭарнакцәа ҩыџьа рыцны.

Афорум акыр инарҭбаау апрограмма амазаауеит ҳәа иазыԥшуп. Апрограмма иалагалоуп арҿиаратә хырхарҭақәа фба, хымш рыла 160 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит, аҟазара-аклассқәа, аекспертцәа рԥылара, адискуссиақәа, арт-школқәа, алекциақәа, аконцертқәа, аныҟәарақәа.

«Ари доусы илшарақәа раарԥшразы еиԥш иԥхьагылоу арҵаҩцәа рҟынтәи адыррақәа раиуразы, акультура, аҟазара, аҵарадырра, уҳәа рҿы  ҳаамҭазтәи азнеишьақәа  реилкааразы иуникалу ҭагылазаашьоуп», - ҳәа еиҭалҳәеит  Милана Хоџьаа.

Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп — А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәа, А. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭеи аҵаҩцәа. 

 

 

 

 


Read 268 times