Print this page
03.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АРРАТӘ УАЛԤШЬА АНАГӠАРАЗЫ ААԤХЬАРА ҞАҴОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2022 шықәса рзы Аԥсны атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәса аҟынӡа 18 -27 шықәса зхыҵуа, арратә ԥхьатәара иҟам атәылауаа арратә маҵзура анагӡаразы ааԥхьара рыҭахоит.  

Аусԥҟа инақәыршәаны, ааԥхьарала зырратә маҵзура аҽҳәара хыркәшахаз аруаа арратә ԥхьатәара ахь идәықәҵахоит.

Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭареи ԥхьатәара рышьҭреи иазку аусмҩаԥгатәқәа ишахәҭоу ала амҩаԥгара ахылаԥшра аҭара азы анапынҵақәа рыҭахоит.


Read 511 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:51