Print this page
вчера 22:39

Владимир Делба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иира Амш идиныҳәалеит.

«Даара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи ҳтәылақәа реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рыла ишьаҭарку аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи рзы хаҭала Шәара шәлагала.

Шәара шәнапхгарала  аганқәа иҿыцу ахыдҵақәеи ауадаҩрақәеи рыӡбара иазырхоу мҽхакы ҭбаала аусурақәа қәҿиарала инарыгӡоит. Даҽазныкгьы иазгәасҭоит Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аҩганктәи аинвестициатәи ахәаахәҭра-економикатәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи рырҿиареи ҳшазхиоу», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.  

Владимир Делба Максим Решетников изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, ашықәснҵыра ду, инапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи.  


Read 85 times