Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь иаҭааит.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои аклассқәеи аҟазарҭақәеи гәарҭеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәажәеит.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи аколлеџь адиректор Џьумбер Мышәбеи аҵараиурҭа ҳаамҭазы инанагӡо аусура атәы иалацәажәеит, астудентцәа разыҟаҵара ихадоу ахырхарҭақәеи аҿиара аперспективақәеи ирзааҭгылеит.
Иахьа аколлеџь ареспублика азанааҭтә ҵара асистема аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит, аиҳарак атехникатәи ахархәаратәи апрофиль аспециалистцәа разыҟаҵара аганахьала, ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзураҿы.
Иахьа абжьаратәи азанааҭтә ҵараиура адгылара аҳәынҭқарратә ҵарадырратә политика аԥхьа иаргыло азҵаарақәа иреиуаны иаанхоит.