Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Иҷыдоу арратә операциааан иҭахаз Феликс Ӷәазаа анышә дахьамадоу Џьырхәа ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Феликс Ӷәазаа дҭахеит 2024 шықәса, лаҵарамзазы, Донецктәи Жәлартә республикаҟны аибашьратә дҵа анагӡараан.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусԥҟала Феликс Ӷәазаа данҭаха ашьҭахь ианашьоуп Афырхаҵара аорден. Аорден аибашьҩы иҭаацәа рнапы иаиркит Сергеи Кириенко.
Рашәарамза 25 рзы ихыркәшан афырхаҵа инышәынҭра аиҭашьақәыргылареи аибашьҩы ижәла рпантеон аиҿкаареи.