Print this page
вчера 20:17

Имҩаԥысит Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аҳақьымцәеи реиԥылара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхынразы Аԥсны аусуразы иааны иҟоу урыстәылатәи аҳақьымцәеи еиԥылеит.

Аиԥылара иара убас далахәын АА Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуард.

Иалацәажәеит жәабранмза 12 инаркны лаҵарамза анҵәамҭанӡа имҩаԥгаз ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭаразы зымҽхак ҭбааз апрограмма.

Ари аамҭа иалагӡаны ирыхәаԥшын 27 нызқьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа, убри аан 16 нызқьҩык рыҟны ачымазарақәа аарԥшын раԥхьаӡакәны. 

Аусура иалахәын Урыстәылантәи 84-ҩык аҳақьымцәа, 19-ҩык алабораториатә специалистцәа, 78 -ҩык Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа.

Ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭарақәа мҩаԥысуан Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо.

 

 

 

 

 


Read 77 times - Асабша, 12 Ԥхынгәы 2025 09:32