Print this page
03.Жьҭаара.2022

ИМҨАԤЫСИТ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДЕИ АԤЫЗА-МИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨ СЕРГЕИ ПУСТОВАЛОВИ РЕИԤЫЛАРА

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалови реиԥылара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ареспубликаҟны амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы заатәи ахәшьареи абжьгарақәа разырхиареи рымҩаԥгара иазку аусуратә гәыԥ ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов далархәны аиԥылара мҩаԥигеит.

Сергеи Пустовалов Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы иақәнагоу аилазаарақәа имҩаԥыргаз аусуразы.

Аиԥылара далахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.

 


Read 519 times - Аԥшьаша, 13 Жьҭаара 2022 16:51