Print this page
вчера 16:01

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои апансионат «Литфонд» иаҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Пицунда иҟоу апансионат «Литфонд» иаҭааит.  

Аобиект аҭаараҿы урҭ ирыцын Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи  Акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ  Џьумбер Ҭҟьебучааи.  

Ирылацәажәеит апансионат амодернизациа, уи аинфраструктура арҿиареи Аԥсны агәабзиара арҽеиреи атуризми рсистема аҿы иԥхьагылоу аплошьадкақәа иреиуоу аҳасабала «Литфонд» астатус аиқәырхареи ирыдҳәалаз актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы.


Read 40 times