Уи азы ахаша, ԥхынгәымза 2 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа.
Иахьа, ақалақь Амш аҽны, аҳҭнықалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи Сократ Џьынџьал аҳаҭыртә хьӡы ианашьара идырныҳәалеит, аҳаҭыртә хьӡы шианашьоу азы аршаҳаҭга шәҟәи агаларшәагатә ҳамҭеи ианаршьеит.
Ари ахьӡ ауаажәларра-политикатә усзуҩы ианашьоуп амилаҭтә-хақәиҭратә ҵысреи ақалақь аҿиареи рҿы илагала ҷыдақәа рзы ҳәа иазгәеиҭеит аҳҭнықалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Сократ Џьынџьал иоуз аџьшьаразы ҭабуп ҳәа раҳәо, Аҟәа ауааԥсыра аныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Иахьа, ҳара ҳақалақь, 2509 шықәса шахыҵызгьы ҩаԥхьа аҿара азгәанаҭоит. Ҳара зегьы уи аабоит. Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала, урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи ҳҩызцәа рыбзоурала, аибашьраан ааха зауз ҳара ҳақалқь еиԥш ҳтәыла зегьы аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Ҳара зегьы ҳзы ари акырӡа идуу аус аҿы иҳавагылоу зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Сократ Џьынџьал диит 1937 шықәса ԥхынҷкәынмза 11 рзы Очамчыра араион Агәыбедиа ақыҭан.
Сократ Џьынџьал – Апарламент актәи ааԥхьареи аҩбатәи ааԥхьареи адепутат (1991 – 1996 шш., 1996 – 2002 шш.), 1992-1993-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵоит, 1993 шықәсазы аԥыза-министрси адәныҟатәи аусқәа рминистрси дҟаҵан, Женева имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны аофициалтә делегациа напхгара азиуан.
1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩыс дыҟан. Ауаажәларратә Палата ианышьақәгыла аахыс далахәылоуп.