Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Руслана Гергедаа, аиԥылараҿы тема хаданы иҟан згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рзы иманшәалоу аинфраструктура аԥҵара ҳәа иазгәалҭеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аихамҩатә транспорт аҿы еиԥш, уи иаԥну аҵакырақәа рҿы аинклиузивра азҵаарақәа. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа зеиҭаҵралшара ԥку атәылауаа рҭаххрақәа ҳасаб азуны авокзалқәа рреконструкциа иадҳәалоу ҳаамҭазтәи еиԥш, зеиқәыршәара иаҿу апроектқәа реиҭахәаԥшра азы еилацәажәеит. «Аманшәалара абжьааԥнытәи норманы иҟалар ахәҭоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Руслана Гергедаа. Лара аихамҩа аусеицуреи иаарту адиалоги ишазхиоу азгәаҭо, иарбоу апартниорра Аԥсны егьырҭ аусхкқәа рзы иҿырԥшны ишыҟало азы агәрагара аалырԥшит.
Арсоу Ҷыҭанаа аинклиузивра – атранспорттә инфраструктура аҿиараҿы ихадоу хырхарҭаны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Аԥснытәи аихамҩа рымаха-шьахатә лшарақәа зеиԥшразаалакгьы, апассаџьырцәа зегьы рзы ишәарҭадоу, иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иашьҭоуп. Ԥхьаҟатәи аусурақәа зегьы рхарџьынҵақәеи рыпроектқәеи иарбоу аҭагылазаашьа инамаданы ишахәҭоу ала ишьақәыргылахоит». Емир Агрба аманшәалара апринципқәа аихамҩатә пассаџьыртә еимадара аҿиара астратегиа иузаҟәымҭхо хәҭаны иҟалоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит: «Ҳара еилаҳкаауеит аихамҩа акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа апассаџьырцәа рзы иманшәаланы аҟаҵара иаҵоу аҵакы ахадара. Ҳара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҳҭалоит авокзалқәа, аплатформақәа, авагонеиԥшьырақәа, уҳәа згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рзы рырманшәалара».
Хара имгакәа Ассоциациа аспециалистцәа, аихамҩа ахаҭарнакцәеи акультура Аминистрреи рхаҭарнакцәа алархәны аԥшьгарақәа реиқәыршәареи апрактикатә ӡбамҭақәа рыдкылареи рзы аусуратә гәыԥ аԥҵара азԥхьагәаҭоуп.