Print this page
27.Рашәара.2025

Иԥсабаратәым аинтеллект ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рзы асеминар мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь иҟоу IT-школ StemLab аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконкурс «Аԥсны акоманда» афиналистцәа раԥшьгарала, IT-школ StemLab ацхыраарала Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит иԥсабаратәым  аинтеллект иҿыцу атехнологиақәа ирызку ԥшьымш имҩаԥысло асеминар.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәыр ҟалоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы, уи акреативра злоу аҿари ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи иԥсабаратәым аинтеллект еиҳа инарҭбааны деилыркаара иазырхоуп.

Асеминар хықәкыс иамоуп — алахәылацәа иԥсабаратәым аинтеллект аусура ашьаҭақәа дырҵара анаҩс иарбоу атехнологиақәа еиуеԥшым аусхкқәа рҿы актуалра злоу ахыдҵақәа рыӡбараҿы ахархәара аиур шалшо дырбарагьы.   

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа иԥсабаратәым аинтеллект ацхыраарала абарҭ атемақәа: «Акультуратә код», «Рхы ацклаԥшны аԥсҭазаашьа», «Ииашаны акрыфара аиҿкаара» «Аԥсны аекологиеи аекологиатә шьцыларақәеи» рыла лаԥшылатәи аматериалқәа еиқәдыршәоит.

 


Read 141 times