зықәрахь инеихьоу атәанчаҩцәа — 5 000 мааҭ роулоит;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа — 4 700 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа «Жәлар», «Зҽаԥсазтәыз» змоу атәанчаҩцәа — 5 500 мааҭ;
адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа — 4 500 мааҭ;
- І агәыԥ змоу аџьа аинвалидцәа — 4 900,
- ІІ агәыԥ змоу — 4 800,
- III агәыԥ— 4 650 мааҭ;
– иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәа ахаҭарнакцәа рыцԥхьаӡа;
– зынӡа ҭынха дызмам — 8 000 мааҭ;
– асоциалтә тәанчахәы зауа қәрала — 4 100 мааҭк роулоит;
– асоциалтә тәанчахәы зауа хымхәаралазы — 3 100 мааҭк роулоит;
– иизар иинвалиду:
- 16 шықәсанӡа — 6 000 мааҭ,
- I агәыԥ змоу — 6 000 мааҭ,
- II агәыԥ — 5 500 мааҭ рзыршәалоит.
Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иажәақәа рыла абиуџьет ахьанҭыра мызкахьы 16 миллион мааҭ, уи 10 категориак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ироуа атәанчахәқәа реицҵалыҵ ауп. Иарбоу абиуџьет ахьанҭара шықәсык ахь 192 миллион мааҭ рыла еиҳахоит.