Абал адагьы, хымш рыҩныҵҟа ахәыҷқәа ргәыԥ аа-ҩык аиҳабацәа рыцны аинтерес зҵоу аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы рхы аладырхәуеит.
Маиа Цыбулевскаиа апрограмма акыр игәылҭәаауп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.
«Ахәыҷқәа зегьы рзы уи рыԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалозар акәхап», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
Ахәыҷқәа рцара ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп.
Аҭаара алахәылацәа ируаӡәку, А. М. Ҷоҷуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Марианна Дочиа еиҭалҳәеит:
«Сара сшалырхыз анеилыскаа даара иџьасшьеит, уамакалагьы сеигәырӷьеит. Сара иаразнак уи атәы зегьы ирзеиҭасҳәеит, сандугьы уахь дналаҵаны. Сириусҟа снаскьаргон сҭаацәа, сгәалаҟазаарагьы даараӡа ибзиан».
Гәылрыԥшь араион Драндатәи абжьаратәи ашкол аҟынтәи даҽа ҵаҩык - Озан Кәырт-оглы абас иҳәеит:
«Сара акыр ҵуеит ас еиԥш аҭаара гәахәараны исымеижьҭеи. Сара ирацәаны хра злоу ахцәажәарақәа саҳахьан Сириус иазкны. Агәыӷра сымоуп ари аҭаара аҵаразы исымоу агәазыҳәара еиҳагьы иарӷәӷәап ҳәа» .
Урыстәылазегьтәи абал алагоит уаҵәы, рашәарамза 27, асааҭ 20:00 рзы.