Аҳәынҭқарратә автоинспекциа арегионалтә усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, амаршруттә такси аԥсҟы зкыз имашьына изаанымкылакәа арлашагатә шьаҟа даахеит. Иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр иахҟьаны хҩык ааха роуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Николаи Ҭраԥшьгьы. Иара иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
«Ростовтәи аобласт Аҳәынҭқарратә архив адиректорс дыҟанаҵы Николаи Алеқсеи-иԥа Ҭраԥшь Алада Урыстәыла иреиҳаӡоу аусшәҟәқәа рыҵәахырҭа, аҳәынҭқарратә архив аусура аҭышәынтәалареи аиӷьтәреи рзы активла аус иуан, иара убри ала уи анаука-ҭҵааратәи акультура-рккаратәи центрны аҟаҵара илиршеит», - ҳәа иаҳәоит аусбарҭа аофициалтә саит аҿы.
Николаи Ҭраԥшь аҵыхәтәантәи амҩахь инаскьагара мҩаԥгахоит рашәарамза 24, асааҭ 11:00 рзы Аҩадатәи аԥсыжырҭа аҵакыраҿы иҟоу Ростовтәи акрематори аритуалтә зал аҿы. Алахьеиқәҵаратә церемониа анхыркәшахалак ашьҭахь уи анышә иамадаразы Аԥсныҟа дыргоит, ҳәа адырра ҟаҵоуп «Российская газета» аҿы.