Print this page
23.Рашәара.2025

Х-ҩык абаандаҩцәа рыбналара афакт азы ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусӡбараанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь рыиагараан хҩык абаандаҩцәа рыбналара афакт азы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Рашәарамза 19, 2025 ш. рзы, асааҭ 13:00- 13:05 рыбжьара, ирбаандаҩыз Барцыц Дмитри Гурам-иԥа, Акопиан Алеқсандр Мигир-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ Ким Сергеи Олег-иԥа, Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟынтәи Дранда аҳаблан иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусӡбараанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь рыиагараан ибналеит.  

Ирбаандаҩыз ииаргон автомашьына «УАЗ» (аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дырга М0169–АВН) ала, Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аԥыԥшырҭа аиҳабы, амилициа амаиор Шершелиа Даур Игорь-иԥеи Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аоперативтә зинмчы змоу амилициа алеитенант Аиба Дмитри Дмитри-иԥеи рыцны.

Аҟәа ақалақь, Ӡиӡариа имҩеи Ҟабардаа рымҩеи реихасырҭаҿы, ишьақәыргылам ала амашьына ашә ацаԥха аартны, ииаргоз абаандаҩцәа бналет, рхырхарҭагьы дырҩашьеит.

Иара убри аҽныҵәҟьа Дмитри Барцыци Алеқсандр Акопиани Аҟәа ақалақь аҿы иаанкылан.  

Рашәарамза 21 рзы Аҟәа ақалақь аҿы даанкылан Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ Ким Сергеигьы. Абаандаҩцәа рыбналара афакт ала рашәарамза 20 рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура  Барцыц Д.Г., Акопиан А.М., Ким С.О. рганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 315 ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла  ашьаусеилыргара хацнаркит.

Ашьаусеилыргара аиҿкааразы аус  аусеилыргара аҳәаахәҭара ала Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҭҵаара аҟәша ахь идәықәҵоуп.

Аамҭак ала Аҟәа ақалақь апрокуратура ала абаандаҩцәа рыиагара мҩаԥызгоз Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбрҭа аусзуҩцәа рганахьала апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥысуеит.

Агәаҭара аихшьаалақәа рыла урҭ рхымҩаԥгашьа ашьаус-зинтә ахәшьара аҭахоит.


Read 40 times