Аԥснынтәи ҩыџьа аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит.
Акультура аминистр иажәақәа рыла, аицлабра алахәхара алыршахеит афонд «АТР АЭС» аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» ацхыраарала.
Аҵаратә курсқәа рыпрограммаҿы иҟоуп аробототехникеи, апрограммаркреи, аелектроникеи рзы алекциақәеи апрактикатә ҵарақәеи. Иқәгылоит Москватәи аҳәынҭқарратә университет адоцент Мариа Салминеи аԥҵаҩы Андреи Бахметиеви.
Аицлабра алахәхаразы хымԥада аформа харҭәаатәуп рашәара 22-нӡа.