Print this page
вчера 23:43

Хьыбла Герзмааи Денис Мацуеви иаадыртуеит XXIII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…»

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 31 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ифонди апартниор хада - «Альфа-Банк» иҟарҵаз адгыларала имҩԥысуа XXIII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» аартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа.  2025 шықәсазы афестиваль мҩаԥыслоит ԥхынгәымза инаркны ԥхынҷкәынмза аҟынӡа. Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны, Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҿы имҩаԥгахо 20 инареиҳаны аконцертқәа.

Афестиваль аартра аҽны Аҟәа ақалақь, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа  ишьақәыргылахо асцена аҿы  дықәгылоит адунеи зегьы аҿы еицырдыруа апианинорҳәаҩы Денис Мацуев. Уи инаигӡоит Сергеи Рахманин инапы иҵыҵыз аоркестр ацны афортепиано азы Аҩбатәи аконцерт – аурыс классика аҿы зегьы реиҳа иналукааша арҿиамҭақәа иреиуоу.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, афестиваль аартра рхы аладырхәуеит аопертә сцена иҩыҵхахаз аеҵәаџьқәа — Хьыбла Герзмаа лаԥшьгарала имҩаԥгаз аконцертмеистерцәеи авокалистцәеи Жәларбжьаратәи рконкурс алауреатцәеи афиналистцәеи: Полина Шароварова, Самира Галимова, Евгени Бовыкин, Глеб Периазев, Иван Бородулин, Елен Егиазариан, Екатерина Воронцова, Станислав Ли, Анхбаиар Енхболд,  Дамир Садуахасов. Урҭ дрыцықәгылоит  Хьыбла Герзмаа лхаҭагьы. Аконцерт мҩаԥысуеит Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацны.  Асахьаркыратә ажәа  — Евгени Книазев.

ХХХIII  афестиваль аартра Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра  иазкхоит.

«Владислав Арӡынба афестиваль раԥхьатәи ашықәсқәа инадыркны адгылара ду аиҭон.  Иара акультура амч ӷәӷәала иазхеиҵон. Сара сзы насыԥ дууп Аҟәа ақалақь – исызгәакьоу адгьыл аҿы – иналукааша ауаҩ ду игәалашәара аҳаҭыр азы асезон ҿыц аартра», – ҳәа илҳәоит Хьыбла Герзмаа.

Нанҳәамза 2 рзы афестиваль Пицундатәи аныхабаа  аҿы имҩаԥгхо аконцерт ала иацҵахоит.  Араҟа ҩаԥхьа иқәгылоит аконкурс алауреатцәа, Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестри Хьыбла Герзмааи.  

«Ари аныхабаа сыԥсҭазаара зегьы адҳәалоуп. Ароуп сара раԥхьаӡа акәны аорӷан абжьы ахьсаҳаз, ароуп, ашықәсқәа рышьҭахь сани саби ргәалашәара иазкыз раԥхьатәи афестиваль актәи аконцертқәа ахьымҩаԥысыз. Уажәшьҭа есԥхынра ари иԥшьоу аҭыԥ аҿы сара ашәа сыцырҳәоит иқәыԥшу, аха  аҟыбаҩ ду злоу артистцәа, ҳконкурс алауреатцәа. Сара сзы уи гәадуроуп, насыԥ дууп», - ҳәа еиҭалҳәеит Хьыбла Герзмаа.

Афестиваль аԥсуа хәҭа афинал мҩаԥгахоит нанҳәамза 4 рзы ашьха иаԥну, аԥшӡара убла хызхуа аҭыԥ аҿы иҟоу — X ашәышықәса иатәу иуникалу архитектуратә баҟа Бедиатәи аныхабааш амҵан  ашьхаҟьаҟьараҿы игоит аԥсуа жәлар рдоуҳатә ашәақәа. Абар ҩышықәса инеиԥынкыланы афестиваль иабзоураны ари иԥшьоу, уамакала иԥшӡоу  аҭыԥ аконцерттә плошьадка аҳасабала ахархәара аиуоит. Аконцерттә программа аҿы инагӡахоит аԥсуа жәлар рашәақәеи автортә шәақәеи, адинхаҵаратә текстқәа рыла иаԥҵоугьы уахь иналаҵаны.  Хьыбла Герзмаа аорӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи аԥсуа жәлар рмузыка ансамбль  YANAY дрыцықәгылоит.

Аԥсны имҩаԥгахо аконцертқәа рышьҭахь Хьыбла Герзмаа лаԥшьгарала имҩаԥгаз аконцертмеистерцәеи авокалистцәеи Жәларбжьаратәи рконкурс алауреатцәеи афиналистцәеи Урыстәыла ақалақьқәеи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рықалақьқәеи рахь инарҭбуаау агастрольтә тур ахь идәықәлоит.  «Адунеи аганқәа» («Стороны света») ҳәа асимволтә хьӡы зауз XXXIII афестиваль амаршрут атәыла алада, аҩада, мраҭашәара, мрагылара, уҳәа Москва, Воронеж, Воркута, Сургут, Астрахань, Петрозаводск, Петропавловск-Камчатски, Магадан, Иркутск, Гатчина, Иарославль реиԥш иҟоу ақалақьқәа уахь иналаҵаны иамҽханакуеит. Афестиваль жәларбжьаратәи ахәҭа сынтәа имҩаԥгахоит ақалақьқәа Улан-Батор, Вена, Прага, Анкара. Афиналтә гала-концерт мҩаԥгахоит Сҭампыл ақалақь аҿы — раԥхьаӡа акәны афестиваль ахыркәшара Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит.

Инарҭбаау агастрольтә маршрут афестиваль иузаҟәымҭхо хәҭаны иҟалеит, уи иара убас артистцәа аконкурс аҿы рылахәхара ашьҭахь рыҿиаратә мҩа ацҵара иазкхеит. Уи аԥҵара аныҟала 2023 шықәса инаркны алауреатцәа есышықәса агастрольтә турне нарыгӡоит, есааира иҿыцу ақалақьқәаеи иҿыцу асценақәеи  рҿы иқәгылоит, еиҳа-еиҳа инарҭбаау еиуеиԥшым аудиториа азы академиатә музыка амаӡақәеи аԥшӡаареи аартуа.

XXIII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» мҩаԥысуеит аинформациатә партниор хада ТАСС, арадиопартниор хада Business FM, иара убас аинформациатә партниорцәа — арадио «Орфей», ателеканал «Россия-Культура» иҟарҵо адгыларала. Прочитано 237 раз. Последнее изменение 19.06.2025.

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/16242-khibla-gerzmava-i-denis-matsuev-otkroyut-xxiii-muzykalnyj-festival-khibla-gerzmava-priglashaet.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 70 times - Ахәаша, 20 Рашәара 2025 14:42