Print this page
вчера 7:57

Ашколхәыҷқәа ролимпиада 142-ҩык алахәылацәа ԥышәрада ААУ актәи акурс рахыԥхьаӡаларазы абжьгарақәа ҟаҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ имҩаԥысит Ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа - 2025» аҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауниверситет а-Телеграм-канал.

Аолимпиада аихшьаалақәа рыла 26-ҩык аиааира ргеит,  15-ҩык ашколхәыҷқәа – араӡнытә аԥхьахәқәа ргеит, 12-ҩык –  араӡнытә аԥхьахәқәа.

Иахәҭоу абаллқәа ззеизымгаз, аха убри аан апрофильтә маҭәарқәа рыла адырра бзиақәа аазырԥшыз 89-ҩык Аолимпиада алахәылацәа  доусы ирышьашәалоу ахырхарҭақәа рыла аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахыԥхьаӡаларазы абжьгарақәа ҟаҵоуп.  

Иааизакны аолимпиада аихшьаалақәа рыла 142-ҩык алахәылацәа  ԥышәрада ААУ актәи акурс рахыԥхьаӡаларазы абжьгарақәа ҟаҵоуп.  

Сынтәа ашколхәыҷқәа Ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа-2025» рхы аладырхәит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи 450-ҩык инареиҳаны аҟыбаҩ злоу  ашколхәыҷқәа. Аолимпиада мҩаԥысуан 12 апрофилтә маҭәақәа рыла.  

Аолимпиада аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа рхы аладырхәит аҵара аминистр Хана Гәынба, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи аҵара аҟәшақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа.

 


Read 126 times