Print this page
18.Рашәара.2025

Аҟәа иҟоу Москва Аҩны амедицинатә маҭәарқәеи аалыҵқәеи Аԥсны амедусбарҭақәа - ареабилитациатә центри аполиклиникеи ирынаҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны 600 нызқь мааҭ рыхә 200 инареиҳаны амедицинатә маҭәарқәеи аалыҵқәеи рзаанахәеит Гагратәи ареабилитациатә центри Аҟәатәи ақалақьтә поликлиникеи №1.

Ҵыԥх амедицинатә маҭәарқәа рзаахәан Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа, иара убас ахәыҷтәы ареабилитациатә Центри Афонд «Адгылара».

Апрограмма Москва Аиҳабыреи, Москва ақалақь  адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартаменти рыцхыраарала ахеилак «Урыстәылауаа Рхеилаки» Аҟәа иҟоу Москва Аҩни рыдгыларала инагӡоуп.

 


Read 128 times - Аԥшьаша, 19 Рашәара 2025 14:41