Print this page
вчера 23:56

Аԥсны ирыҭоуп 4 934 нызықь урыстәылатәи ахкы амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза  14, 2025 шықәса инаркны Аԥсны ирыҭоуп 4 934 нызықь урыстәылатәи ахкы амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа.   

Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәҿо, урыстәылатәи амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа раиуразы  зынӡа ирыдкылоуп 6 442 зыҳәамҭа, урҭ рахьынтә иҟаҵоуп – 5699 цыра аршаҳаҭга ҳәа адырра ҟаиҵеит.

Дамеи Аҩӡба иажәақәа рыла, 205 зыҳәамҭа мап рыцәкын.

«Уи ҵаҵӷәыс иаиуз раԥхьа иргыланы ауаа иара Урыстәыла амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа ахьрымху. Иҩбахаз, ауаҩы аҩныҵҟатәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы имазар, усҟан уи иароуп иаирбар зыхәҭоу. Ауаҩы аҩныҵҟатәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы шимоу аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы аирбазар, уи урыстәылатәи амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа аиуразы мап ицәкхоит.  Ихԥахаз: амашьынарныҟәцаҩ уаанӡа урыстәылатәи ахкы амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭга Урыстәыла иоухьазҭгьы, усҟан иара уахь дцаны азеиԥш ҭагылазаашьала арзаҳал алеиҵароуп. Араҟа уаанӡа урыстәылатәи амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа раԥхьаӡа изауа роуп изырҭо», –  ҳәа иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.

Урыстәылатәи амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рыҭара ирмариоу апроцедура алыршахеит Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Бадра Гәынбеи Владимир Путини реиқәшаҳаҭра иабзоураны.

Уи инақәыршәаны, урыстәылатәи атәылауаҩра, мамзаргьы анхаразы азин аршаҳаҭга змоу Аԥсны атәылауаа араҟа аҭыԥаҿы мшаԥымза 1, 2026 шықәсанӡа урыстәылатәи амашьынарныҟәцаратә аршаҳаҭгақәа раиуразы алшара роуеит.  Она позволяет гражданам  Абхазии, имеющим  и  российское гражданство  или вид на жительство,  получить здесь на месте  российские права до апреля года.                                   Прочитано 303 раз. Последнее изменение 18.06.2025.

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/16217-v-abkhazii-vydano-4-934-tysyach-voditelskikh-prav-rossijskogo-obraztsa.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 59 times