Print this page
18.Рашәара.2025

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҳаԥхьаҟа аспорттә усеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абаҩарҵәыреи аспорти русхкы аҿы аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аҿиара иазкын аҿари аспорти русқәа рзы имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара.

Аиԥылара имҩаԥысраны иҟоу Урстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҳәынҭеилакы аофициалтә саит аҿы.

Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр  ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагбеи уи ицхырааҩ Рафаель Амԥари; Урыстәыла аганахьала –  аспорттә зыҟаҵара аметодикатә еиқәыршәара Ацентр анапхгаҩы Мариа Лихтинеи  аспорттә резерв азыҟаҵара Афедералтә Центр аспорттә резерв азыҟаҵара аиқәыршәареи анализ анапхгараҭареи русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Татиана Булычиова.  

Ҭарашь  Ҳагба урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо зегьы хра злоу алҵшәа бзиа аазырԥшуа аусеицура ашьақәгылара рзеиӷьаишьеит.

Рафаель Амԥар Аԥсны аспорт аусхкы аҿы аусқәа рҭагылазаашьеи Аҳәынҭеилки амуниципалтә усбарҭақәеи русуреи аструктуреи рзы урыстәылатәи апартниорцәа адырра риҭеит.

Урыстәылатәи аспециалистцәа аԥснытәи рколлегацәа рԥышәеи рметодикатә усумҭақәеи рымардеит.

Аганқәа анаҩстәи аусеицуразы ихадоу ахырхаҭақәа алыркааит.  


Read 69 times