Print this page
17.Рашәара.2025

Имҩаԥысит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәыз аилацәажәара.

Аҟәа. Рашәарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи р-Администрациақәа рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. 

Аилацәажәара аусура иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, атәыла аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иусбаҭа анапхгаҩы Ешба Беслан, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ  Шамба Дмитри.

Ахада аилацәажәараҟны ирылаиҳәеит даҽа усурак ахь ииагара инамаданы, Пицунда ақалақь ахада ин.н. Хәынҵариа Руслан имаҵураҟнытә ихы дшақәиҭтәу. 

Даҽа усԥҟак ала аҳәынҭқарра Ахада Пицунда ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс даиҭеит Агрба Рустам.

Бадра Гәынба аилацәажаәара иалахәыз дыдирдырит ақалақь-курорт анапхгаҩ ҿыц. Ахада Хәынҵариа Руслан иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иусуразы, аусура ҿыц аҟны иара убас қәҿиарала аус шиуазы агәра шиго атәы азгәаҭаны.   

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Ахада адырра ирҭеит сынтәатәи ашықәс азы хәымз рыҩныҵҟала имҩаԥгаз аусура аихшьалақәа рзы. 

Аҳасабырба ҟаҵан абиуџьет анагӡара, асоциалтә зҵаарақәа рыӡбара, аԥша бааԥс иахҟьаны зынхамҩа аԥхасҭа аиуыз ауаа ацхыраара рыҭара уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ иактуалтәу азҵаарақәа ирызкны. 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла анапхгара атәыла зегьы аҟны амҩақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра ҷыдала хшыҩзышьҭра шанаҭало, аҳаблабжьаратә мҩақәагьы убрахь иналаҵаны. Хара имгакәа аусурақәа ахьхацыркхо амҩақәа азгәаҭаны реиқәыԥхьаӡа шьақәыргылоуп. 

Бадра Гәынба араионқәа рхадацәа ари азҵаара иахаҵгыларц, хаҭала хылаԥшра арҭарц рыдиҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдиҵеит: 

— анхара-коммуналтә нхамҩа асистема арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы, аинфраструктура аобиектқәа, амедицинатә, аҵараиуратә усҳәарҭақәа, акультура аусҳәарҭақәа, аспорттә обиектқәа реиқәыршәаразы иаҭаху аматериалқәа разырхиара; 

— административ-ҵакырадгьылтә акқәа рзы аинформациа-еилыркаагатә шәҟәқәа реиқәыршәара; 

Есԥшьбарак абиуџьет ахашәалатәи аныхтәтәи ҳасабырба аҟаҵара  иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аилыркаагақәа ацҵаны.

Аилацәажәра алахәцәа ҷыдала иазхьарԥшын ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа реилазааратә ҟәшақәа, иара убас урҭ рнапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи анаплакқәеи аиҿкаара-зинтә формақәеи аԥҵаратә документқәеи аус зуа азакәанҧҵара иақәыршәаны ишышьақәыргылатәу атәы.

Аҳәынҭқарра Ахада администрациақәа рхадацәа ирыдиҵеит Ақыҭанхамҩа аминистрреи  дареи русеицурала  ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу  адгьылқәа рхархәаразы ажәалагалақәа разырхиара.

Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа азхьаирԥшит закәанла иарбоу аҿҳәараан администрациақәа рхадацәеи егьырҭ ахаланапхгара аҭыԥантәи аусбарҭақәа рмаҵурауаа рхашәалақәеи, рхарџьқәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи рзы иаартны алаҳәара аҟаҵара

Аилацәажәараҟны ишьҭыхын актуалра змоу егьырҭ азҵаарақәагьы.

 

 

 

 


Read 113 times