Раԥхьатәи амшқәа инадыркны ауаажәларра рыҩныҵҟа аарезонанс ду зауз ари аус Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба хаҭала ахылаԥшра аиҭон.
Фымз инареиҳаны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи роперативтә маҵзурақәа Адгәыр Ҳаразиа дахьыҟоу аҭыԥ аилкааразы мҽхакыҭбаала аусура мҩаԥыргон.
Адгәыр Ҳаразиа иԥшаара хацыркын, 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент ахыбра аҩныҵҟа дахьхысыз иахҟьаны адепутат Вахтанг Гәаланӡиа ишьреи адепутат Кан Кәарҷиеи ихәреи аныҟала ашьҭахь. Усҟан Адгәыр Ҳаразиа ацәгьоура аныҟаиҵа ашьҭахь аҭыԥ аҟынтәи иҽӡаны дцеит.