Print this page
14.Рашәара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат иҩны деихсит ҳәа игәҩароу ахаҵа дааныркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи роперативтә  маҵзурақәа дааныркылеит Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҩны деихсит ҳәа игәҩароу 1992 шықәса рзы ииз  Сурмаа Баграта Абесалом-иԥа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Ацәгьоура ҟалеит ԥхынҷкәынмза 24, 2024 шықәса рзы. Усҟан  аҳҭнықалақь агәаҿы игылоу Адгәыр Ҳаразиа иҩны 25-нтә еиҵамкәа еихсит. Ари ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ирыԥшааит зыхҭалашәара 5.45 мм. рҟынӡа инаӡо  21 гильза.

Сурмаа Баграт даанкылан ҳазҭоу ашықәс рашәарамза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. 

 

 


Read 218 times