Print this page
14.Рашәара.2025

Инал Гаделиа Армавир ақалақь аҿы имҩаԥысуаз абокс азы Аладатәи Афедералтә Округ ачемпионат аҿы аџьазтә медал игеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Гаделиа Армавир ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ахацәа рыбжьара абокс азы Аладатәи Афедералтә Округ ачемпионат аҿы аџьазтә медал игеит.    Аицлабрақәа мҩаԥысит рашәарамза 14 рзы Армавир ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит 200-ҩык инареиҳаны алахәылацәа.

Инал Гаделиа 100 кьылак рҟынӡа иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Апиедестал аҟынӡа анаӡаразы иара имҩаԥигеит ԥшь-еиндаҭларак, урҭ рахьынтә хԥа рҿы иаиааира игеит.  

Ари аҩыза алҵшәа аспортсмен изаанагазамедал адагьы, Екатеринбург ақалақь аҿы жьҭаарамза 15-19 рзы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла ачемпионат алахәхаразы азин инаҭеит.

 


Read 465 times